Европа ахеилак Апарламенттә Ассамблеиа ажәахәҟаҵаҩцәа аҳәамҭа аладырҵәеит  - Қырҭтәыла евроинтеграциа  апроцесс амҩеихысырҭаҿ игылоуп  
Европа ахеилак Апарламенттә Ассамблеиа ажәахәҟаҵаҩцәа аҳәамҭа аладырҵәеит  - Қырҭтәыла евроинтеграциа  апроцесс амҩеихысырҭаҿ игылоуп  

Қырҭтәыла евроинтеграциа апроцесс амҩеихысырҭаҿ игылоуп, – Европатәи ахеилак Апарламенттә Ассамблеиа ажәахәҟаҵаҩцәа ари аҳәамҭа ҟарҵеит Қырҭтәыла рвизит ашьҭахь. Дара визитла Қырҭтәыла иҟан хәажәкыра 27-29 рзы.

„Қырҭтәыла европатәи тәылоуп.  Европа ахеилак Апарламенттә Ассамблеиа ажәахәҟаҵаҩра раҳасабала,  ҳара еснагь активла аус аауан  Европа аинституциатә қәыҧшыларашҟа Қырҭтәыла аинтеграциа ацхрааразы. Қырҭтәылеи ақырҭуа жәлари уи рыхәҭоуп.  Қырҭтәыла Европа ахеилак ианалала ашьҭахь атәылаҿ ареформақәа рацәа мҩаҧгоуп,  акрызҵазкәа апрогресс иҟоуп“, – азгәарҭеит Европа ахеилак Апарламенттә Ассамблеиа ажәахәҟаҵаҩцәа.

Аамҭакала, дара агәынамӡара аадырҧшит,  избанзар,  ргәаанагарала,   „Қырҭтәыла евроинтеграциа аперспективазы зҵакы дуу аамҭазы ишубарҭоу ала,  атәылаҿ ареформақәа рымҩаҧгара апроцесс хырҧоуп“.

Ажәахәҟаҵаҩцәа ишазгәарҭаз ала,  12 абжьагарақәа Қырҭтәылазы иҿыцым, урҭ реиҳара Европа ахеилак Апарламенттә ассамбелиа Қырҭтәыла иазкны иаднакылаз аҵыхәтәантәи арезолиуциаҿы иарбоуп.  Зыӡбахәы ҳәоу арезолиуциа ишану ала, ахадаратә ҵакы амоуп аполитикатә лагылазаараҿы иҟоу аполиаризациа ҕәҕәа аҧыхра.  Иара убас, адокумент аҿы ишазгәаҭоу ала, аполиаризациа аҧыхра аполитикатә мчқәа зегьы рҭаххара иахьыҧшуп.

Европатәи ахеилак Апарламенттә Ассамблеиа ажәахәҟаҵаҩцәа  Қырҭтәыла аиҳабыра ирыбжьаргоит ареформақәа рынагӡара. Дара ишазгәарҭаза ала, ареформақәа хәҭала ишынагӡоугьы, ахадаратә ҵакы амоуп  аӡбаратә реформа ҧасатәи аетапқәа раан иҟаз апрогресс шьаҭанкыла иҭҵаара.  Иара убас, ажәахәҟаҵаҩцәа, Аиустициа иреиҳаӡоу ахеилак аҿы ареформа амҩаҧгара ахымҧадара иалацәажәоит, лымкаала, ари асистема аартызаара  аизырҳареи   имцху ахылаҧшра аҧыхреи ахырхарҭала. Ари азҵаара аҵакы ҷыда амоуп адеолигархизациа аконтекст аҿы.

Қырҭтәыла рвизитаан ажәахәҟаҵаҩцәа ахада Саакашвили изку аинформациагьы роуит. Дара ишырҳәаз ала, Саакашвили иусқәа рзинтә аспектқәа рылацәажәара рҭахым, избанзар,  дара Ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчара европатәи аӡбарҭа иақәшаҳаҭуп, аха, уи аамҭазы Саакашвили игәабзиара аҭагылазаашьа иазкны имҩаҧысуа аимак иадҳәаланы ргәынамӡара аадырҧшит.

„Ҳаҭыр зқәу Саакашвили иинтересқәа иазҧхьагәаҭаны, игәабзиара аҭагылазаашьа аполитика иадҳәалазар ҟалом, иазҿлымҳау аганқәа зегьы анеитралтә, зыгәра угаша, цқьа игәаҭоу аинформациа рымазароуп. Ари аганахьала аҵакы ду амазар ҟалап Саакашвили иахь ихьыҧшым аҳәаанырцәи аҳақьымцәа рынашьҭра. Ҳара атәыла анапхгареи Саакашвили иҭаацәареи ирыбжьаагоит ари азҵааразы зыҧшра ҟамҵакәа еиқәшаҳаҭхарц, Саакашвили ихәышәтәра ацхраара иазыхиоу аҳәаанырцәтәи аҳақьымцәа ари апроцесс аҽалархәра рылшарц азыҳәан“, – ирҳәеит Европа ахеилак Апарламенттә Ассамблеиа ажәахәҟаҵаҩцәа.