Европа ахеилак аминистрцәа ркомитет Урыстәылахь ааҧхьара ҟанаҵеит Қырҭтәыла атәылауаа коллективла рдепортациазы акомпенсациа ршәарц
Европа ахеилак аминистрцәа ркомитет Урыстәылахь ааҧхьара ҟанаҵеит ауаҩытәыҩса изинқәа рзы Европатәи аӡбарҭа ақәҵара инақәыршәаны Қырҭтәыла атәылауаа коллективла рдепортациазы акомпенсациа ршәарц.
Ари атәы иануп Страсбургтәи аӡбарҭа ақәҵарақәа рынагӡара иазку абжьаратә резолиуциаҿы.
Адокумент аҿы ишазгәаҭоу ала, Европа ахеилак аҿы Урыстәыла алахәызаара 2022 шықәса хәажәкыра 16 рзы ишаанкылазгьы, Урыстәыла, ҧасеиҧш, Европатәи аӡбарҭа ақәҵарақәа рынагӡара иауалуп, Аминистрцәа ркомитет ари апроцесс иацклаҧшуеит.
Акомитет алахәылацәа агәынамӡара аадырҧшит аӡбарҭа ақәҵара анагӡаразы иҟаз аҿҳәара анынцәа ашьҭахь хышықәса шҵызгьы, акомпенсациа ахьырымшәаз азы.
2019 шықәсазы Страсбургтәи аӡбарҭа «Қырҭтәыла Урыстәыла иҿагыланы» аус азы ақәҵара аднакылан, урыстәылатәи аган ирыдырҵеит хымз рыҩныҵҟала 1500ҩык Қырҭтәыла атәылауаа 10 миллион евро акомпенсациа рызшәара.