Европа ахеилак амаӡаныҟәгаҩ хада  Саломе Зурабишвилии Иракли  Кобахиӡеи драцәажәеит  - Ален Берсе аганқәа зегьы рахь ааҧхьара ҟаиҵеит наҟ-наҟ  аескалациа аҟынтә рҽааныркыларц
Европа ахеилак амаӡаныҟәгаҩ хада  Саломе Зурабишвилии Иракли  Кобахиӡеи драцәажәеит  - Ален Берсе аганқәа зегьы рахь ааҧхьара ҟаиҵеит наҟ-наҟ  аескалациа аҟынтә рҽааныркыларц

«Европа ахеилак амаӡаныҟәгаҩ хада   Ален Берсе Қырҭәтыла имҩаҧысуа ахҭысқәа дрыцклаҧшуеит. Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыҩныҵҟала иара ахада Саломе Зурабишвилии аҧыза-министр Иракли  Кобахиӡеи драцәажәеит», — аарыцҳаит Қырҭтәыла иҟоу Европа ахеилак ахаҭарнакра аҟынтәи.

Аинформациа ишану ала, амаӡаныҟәгаҩ хада, Европа ахеилак ахьӡала агәынамӡара ааирҧшит аполиаризациа арҭбаареи атәылаҿ иҟоу аполитикатә кризиси ирыдҳәаланы.

«Иара убас, Ален Берсе аганқәа зегьы рахь ааҧхьара ҟаиҵеит наҟ-наҟ  аескалациа аҟынтә рҽааныркыларц.

Қырҭтәыла Европа ахеилак иалахәып, убри аҟынтә, амаӡаныҟәгаҩ хада иаҵшьны иазгәеиҭеит ари аиҿкаара аганқәа рыбжьара  агәаанагарақәа реиҭныҧсахлара апроцессаҿ ароль ду шынанагӡо. Иара аганқәа зегьы иргәалаиршәеит Европа ахеилак астандартқәеи апринципқәеи пату рықәҵара ишыруалу.

Амаӡаныҟәгаҩ хада иаҵшьны иазгәеиҭеит европатәи аҽазышәарақәа рҿы Қырҭтәыла адгылареи атәыла адемократиатә шәарҭадара ахьчареи, аганқәа зегьы рҟны адиалог анагӡареи  дшазыхиоу.

Хара имгакәа, амаӡаныҟәгаҩ хада Қырҭтәыла аҭаара игәы иҭоуп», — иануп аинформациаҿы.