Европа Аилак Апарламенттә Ассамблеиа ажәахәҟаҵаҩцәа - Қырҭтәыла адемократиатә аҿиаразы аҽаанкылареи, адиалоги, акомпромисси аҭахуп
Европа Аилак Апарламенттә Ассамблеиа ажәахәҟаҵаҩцәа – Қырҭтәыла адемократиатә аҿиаразы аҽаанкылареи, адиалоги, акомпромисси аҭахуп
Европа Аилак Апарламенттә Ассамблеиа ажәахәҟаҵаҩцәа Титус Корлециани Клод Керни уажәааны Қырҭтәыла иҟалаз ахҭысқәа ирыдҳәаланы агәамҵра аадырҧшит.
«Азакәан аҵкыс иҳаракны аӡәгьы дзықәгылом, абри аҩыза аҭагылазаашьаҿы аполициа ала «Амилаҭтә ҵысра» аофис ажәылареи аоппозициаа рлидер Ника Мелиа иаанкылареи амшала аоппозициеи анапхгаратә гәыҧи рыбжьара аибарххара иаҳа иҕәҕәахеит. Абри аҩыза ашьаҿа ҟаҵатәымызт. Қырҭтәыла адемократиатә аҿиаразы аескалациеи аиҿагылареи акәымкәа, аҽаанкылареи, адиалоги, акомпромисси ауп иаҭаху», — ирҳәеит Европа Аилак Апарламенттә Ассамблеиа ажәахәҟаҵаҩцәа.
Иара убас, аҳәамҭа ишану ала, аҳәажәҟаҵаҩцәа аполитикатә мчқәа зегьы рахь ааҧхьара ҟарҵоит аибарххара аизырҳара зхылҵыр зылшо ашьаҿақәа ҟамҵакәа, уажәтәи акризис алҵразы аполитикатә аӡбара аҧшааразы аиҿцәажәара еиҭалагарц.