Еврокомиссиеи  Жозеп Боррели иҟарҵаз аҳәамҭа – Ҳара Қырҭтәыла анапхгара рахь ааҧхьара ҟаҳҵоит Евроеидгыла амҩа иазыхынҳәырц, Евроеидгыла абарҭ ахҭысқәа рықәҿыҭразы авариантқәа зегьы ирыхәаҧшуеит
Еврокомиссиеи  Жозеп Боррели иҟарҵаз аҳәамҭа – Ҳара Қырҭтәыла анапхгара рахь ааҧхьара ҟаҳҵоит Евроеидгыла амҩа иазыхынҳәырц, Евроеидгыла абарҭ ахҭысқәа рықәҿыҭразы авариантқәа зегьы ирыхәаҧшуеит

««Атәым анырра аартызаара иазку» азакәан адагьы, жә-шьаҿак рынагӡара аганахьалагьы иахәҭоу апрогресс иҟам. Ҳара Қырҭтәыла анапхгара рахь ааҧхьара ҟаҳҵоит Евроеидгыла амҩа иазыхынҳәырц», — иануп Еврокомиссиеи Евроеидгыла Иреиҳаӡоу ахаҭарнак   Жозеп Боррели еицыҟарҵаз аҳәамҭаҿы.

Аҳәамҭаҿы ишазгәаҭоу ала, адинамика аҧсахразы макьана аамҭа иҟоуп, аха, уи азыҳәан атәыла аиҳабыра рҭаххара ҕәҕәа аҭахуп.

«Еврокомиссиа алахәылацәа  Қырҭтәыла апарламент иаднакылаз аӡбареи Венециатәи акомиссиа абжьагарақәа ратәамбареи  хьаас ирымоуп.  Венециатәи акомиссиа иааҧҵәаны иранаҳәеит ари азакәан адкылара шахәҭам. Евроеидгыла изныкымкәа иаанацҳахьеит Қырҭтәыла апарламент иаднакылаз азакәан Евроеидгыла апринципқәа ишрышьашәалам, уи Қырҭтәыла евроинтеграциа ишаҧырхагахо.  «Атәым анырра аартызаара иазку» азакәан адагьы, жә-шьаҿак рынагӡара аганахьалагьы иахәҭоу апрогресс иҟам. Ҳара Қырҭтәыла анапхгара рахь ааҧхьара ҟаҳҵоит Евроеидгыла амҩа иазыхынҳәырц.  Адинамика аҧсахразы макьана аамҭа иҟоуп, аха, уи азыҳәан атәыла аиҳабыра рҭаххара ҕәҕәа аҭахуп.  Евроеидгылеи уи иалоу аҳәынҭқаррақәеи абарҭ ахҭысқәа рықәҿыҭразы авариантқәа зегьы ирыхәаҧшуеит. Ҳара наҟ-наҟгьы ақырҭуа жәлар ҳрыдгылоит. Қырҭтәыла ауааҧсыра реиҳара европатәи аҧеиҧш шырҭаху иазхаҳҵоит», —  иануп Еврокомиссиеи Жозеп Боррели рҳәамҭаҿы.