Еврокомиссиа Қырҭтәыла Евроеидгыла алаларазы аҳәара иазку аҳасабырба цәырнагеит
Еврокомиссиа Қырҭтәыла Евроеидгыла алаларазы аҳәара иазку аҳасабырба цәырнагеит

Еврокомиссиа Қырҭтәыла Евроеидгыла алаларазы аҳәара иазку аҳасабырба цәырнагеит. Евроеидгыла анагӡаратә орнаг аҳасабырба хырхарҭақәак иазкуп, урҭ иреиуоуп азыӡбанагӡара, аҩнуҵҟатәи аџьармыкьа, аконкуренциатә политика, аполитика иаҵәа, ақыҭанхамҩа, адәныҟатәи аизыҟазаашьақәа.

Қырҭтәыла азыӡбанагӡареи, ахақәиҭреи, ашәарҭадареи рхырхарҭақәа рҿы азакәанҭҵара анагӡара ахырхарҭа аҩаӡарк аҿы иҟоуп.

Атәыла стратегиақәа амоуп, ҷыдала атероризми амиграциеи рхырхарҭала. Хырхарҭақәак рҿы азакәанԥҵара, чыдала атәымтәылауааи ахыҵәахырҭеи ирызку азҵаарақәа ирызкны, Евроеидгыла азакәанԥҵара ианаалоуп, аха аинституциатә усеицуреи акоординациеи иԥсыҽуп. Зны-зынла уи ишахәҭоу еиԥш нагӡахом.

Евроеидгыла аҵасқәа рыла, аиҿкаара иалоу атәылақәа азанааҭтә хыьԥшымреи, аиаша адгылареи, агәраргареи, алабҿабареи, имырҳәа-мырзареи рышьаҭала, астатистика аиқәыршәара рылшароуп.

Аҳасабырбаҿ хазы хәҭас иаарԥшуп афинанстә хылаԥшра, ари ахәҭаҿы ишану ала, аҩныҵҟатәи афинанстә хылаԥшра иазку азакәан аҩнуҵҟатәи афинанстә контроль жәларбжьаратәи астандартқәа рыла аҿиаразы ишьаҭа бзиоуп. Аха аменеџьертә аҳасабырбара, афинанстә менеџьмент, аконтроль, ануҵҟатәи аудит еффектла инагӡам, аҳәынҭқарратә маҵзураҿы урҭ хырхагас иаарго ирзеилкаауам. Аҳәынҭқарратә сектор аҿы афинанстә инспекциа ароли аҵаки иазҳароуп.