Еврокомиссиа ахаҭарнак - Ҳара ақырҭуа политикатә елита адеполиаризациа апроцесс аҿы рырццакра иахәҭам ҳәа иҳаӡбеит, убри аҟынтә арҭбаара апакет априоритетқәа ирызку аҳасабырба ҳармазеиуеит 2023 шықәсанӡа
«Ҳара ақырҭуа политикатә елита адеполиаризациа апроцесс аҿы рырццакра иахәҭам ҳәа иҳаӡбеит, убри аҟынтә, арҭбаара апакет априоритетқәа ирызку аҳасабырба ҳармазеиуеит 2023 шықәсанӡа», — иҳәеит Еврокомиссиа ахаҭарнак Маикл Рупп Европарламент аҿы иҟоу жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рзы акомитет аҿы.
Иара иажәақәа рыла, Қырҭтәыла европатәи аперспектива анашьара иақәгәырҕьеит, атәыла акандидат астатус аиуеит приоритетқәак рызҵаара анырыӡбалак ашьҭахь.
«Ҳәарада, урыстәылатәи агрессиа амшала Европа агеополитикатә лабҿабара аҽаҧсахит. Убри аҟынтә, акомиссиа арегион ҽакала иазныҟәо иалагеит, ари аганахьала адгылара ду ҳамоуп. Қырҭтәыла европатәи апеспектива анашьара ҳақәгәырҕьеит, приоритетқәак рызҵаара анаҳаӡбалак ари атәыла акандидат астатус аиуеит. Ҳәарада, Қырҭтәыла арҭ априоритетқәа рынагӡаразы аусура ду мҩаҧнагар ҳҭахуп. Убри аҟынтә, ҳара гәҽанызаарыла, хшыҩкрала, ақырҭуа аполитикатә елита адеполиаризациа апроцесс аҿы рырццакра иахәҭам ҳәа иҳаӡбеит. Европатәи ахеилак аҳәарала, ҳара арҭбаара апакет априоритетқәа ирызку аҳасабырба ҳармазеиуеит 2023 шықәсанӡа. Уи абзоурала, Қырҭтәыла аполитикатә елита арҭ априоритетқәа аус рыдуларазы иаҳа аамҭа роуеит», — иҳәеит Маикл Рупп.