Еврокомиссиа апресс-маӡаныҟәгаҩ Питер Стано – Қырҭтәыла изқәҳаргәыҕыз зегьы аиуеит, ҳара Қырҭтәылантәгьы уи ауп ҳаззыҧшу, ари апроцесс аҿы ҧхьаҟацаразы иаҭаху зегьы ҟарҵароуп
«Қырҭтәыла изқәҳаргәыҕыз зегьы аиуеит, ҳара Қырҭтәылантәгьы уи ауп ҳаззыҧшу, ари апроцесс аҿы ҧхьаҟацаразы иаҭаху зегьы ҟарҵароуп», — иҳәеит жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәеи ашәарҭадара аполитикеи азы Еврокомиссиа апресс-маӡаныҟәгаҩ Питер Стано.
Иара иажәақәа рыла, апроцедуратә мзызқәа рымшала, сынтәа арҭбаара апакет ашҟа Қырҭтәылеи, Украинеи, Молдовеи алагалара алшара иҟам.
«Қырҭтәыла Евроеидгыла аҟынтә иаиуз ақәыргәыҕрақәа зегьы наҳагӡоит, избанзар, ҳара ҳажәа наҳагӡоит. Европатәи ахеилак Еврокомиссиа иаҳәеит Қырҭтәылеи, Укринеи, Молдовеи арҭбаара апакеташҟа алагалара. Ишаҧу ала, арҭбаара апакет цәырыргоит есышықәса ааҧынразы, аҳасабырбаратә аамҭа иалагоит ҭагалан азы. Убри аҟынтә, еилкаауп, алогикатәи апроцедуратәи мзызқәа рымшала сынтәа арҭ атәылақәа арҭбаара апакет ашҟа ралагара шыҟамло. Иара убас, ҳара иҳҳәахьеит ҧхынҷкәын азы Еврокомиссиа Қырҭтәыла иазышьақәыргылоу априоритетқәа рыхцәажәаратә аналитикатә аҳасабырба шцәырнагоз. Қырҭтәыла изқәҳаргәыҕыз зегьы аиуеит, ҳара Қырҭтәылантәгьы уи ауп ҳаззыҧшу, ари апроцесс аҿы ҧхьаҟацаразы иаҭаху зегьы ҟарҵароуп», — иҳәеит Питер Стано.