Еврокомиссиа аҳасабырба – Қырҭтәыла иҟоу аҭагылазаашьақәа иазыԥхьагәаҭаны, хаҿқәак авизатә режим аанкылара амеханизм амч аҭара азҵаара ҳахцәажәоит
Еврокомиссиа аҳасабырба – Қырҭтәыла иҟоу аҭагылазаашьақәа иазыԥхьагәаҭаны, хаҿқәак авизатә режим аанкылара амеханизм амч аҭара азҵаара ҳахцәажәоит

Еврокомиссиа авизатә либерализациа иазку аҳасабырба цәырнагеит. Аҳасабырба аҿы  Евроеидгылаҟны авизадатә режим змоу атәылақәа рвизатә либерализациа аҭагылазаашьақәа рынагӡара ахәшьара аҭоуп, аҳасабырбаҿ иарбоуп Қырҭтәыла ари аганахьала иҟоу аҭагылазаашьагьы.

Аҳасабырбаҿы Қырҭтәыла иадҳәаланы абжьгарақәак иаарԥшуп:

“Аҵыхәтәантәи аамҭазы Қырҭтәыла иҟоу аҭагылазаашьақәа иазыԥхьагәаҭаны, хаҿқәак авизатә режим аанкылара амеханизм амч аҭара азҵаара ҳахцәажәоит. Наҟ-наҟгьы Қырҭтәыла авизатә либерализациа акритериақәа рышьашәалара аҭахызар, авиза либерализациа амеханизм аанкылара аҭыԥ амамзар, ихадароуп зыԥшра ҟамҵакәа Еврокомиссиа абжьгарақәа рынагӡаразы аусмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгара”, – иануп аҳасабырба аҿы.

Арҭ абжьагарақәа роуп:

– Қырҭтәыла атәылауаа зегьы рзинқәеи, аизара ахақәиҭреи, агәаанагара аарԥшреи, ауаҩытәыҩса иԥсҭазаареи рыхьчара, ауаажәларратә усқәа рылахәхара азин аҭара, иара убасгьы адискриминациа ақәиҭымтәра;

– ашьаҭатәи зинқәеи ахақәиҭрақәеи ирҿагыло, адискриминациа аҿагылара иаԥырхаго, европатәии адунеизегьтәии астандартқәа ирҿагылоу азакәанԥҵарақәа раԥыхра; хықәкыла, азакәан “Атәым нырра аартызаареи” “Аҭаацәаратә хәынаӡарақәа рыхьчареи рзы” азакәанқәа рпакет аԥыхра, LGBTQ ауаа рзинқәа инагӡаны рыхьчара, Ауаҩытәыҩа изинқәа рыхьчаразы Амилаҭтә стратегиеи аусуратә плани рҿы аиҭакрақәа ралагалара;

– Акоррупциа иаҿагыло астратегиа ҿыци аусуратә плани рыдкылара, урҭ рынагӡаразы иахәҭоу аресурсқәа реиқәыршәара, иара убасгьы ҷыдала ахшыҩзышьҭра аҭатәуп иреиҳау аҩаӡара змоу акоррупциатә усқәа рыҭҵаареи, ашьаус рыдҵареи, рыхәаԥшреи;

– Акоррупциа иаҿагыло Абиуро иазку азакәан аиҭакрақәа алагара, Венециатәи Акомиссиа ихадоу абжьгарақәа рынагӡара;

– Хаҭалатәи дыррақәа рыхьчара иазку Азакәан Евроеидгыла азакәанԥҵара астандартқәа рыла аус адулара.