Еврокомиссиа аҳасабырба - 2024 шықәсазы Қырҭтәыла аекономикатә азҳара ду - 9,4 наӡына азҳара иҟан, 2025–2026 шықәсқәа рзы азҳара аласра маҷхар ауеит, аха иҭышәынәталоу арбагаҿ 5–6% аҿы иаанхоит
Еврокомиссиа асаит аҿы европатәи аекономикатә азҧхьагәаҭарақәа цәыргоуп. Уаҟа Қырҭтәыла иазку адыррақәагьы иарбоуп.
Аҳасабырба инақәыршәаны, 2024 шықәсазы Қырҭтәыла аекономикатә азҳара ду – 9,4 наӡына азҳара иҟан. Иарбоу аамҭа иалагӡаны, аинвестициақәагьы ирыцлеит, уи абизнес-кредитқәа реизырҳареи, анаплакқәа иаадырҧшыз афинанстә алҵшәа бзиақәеи, аҳәынҭқарратә инвестициақәа реизырҳареи иабзоуроуп.
«2025–2026 шықәсқәа рзы азҳара аласра маҷхар ауеит, аха иҭышәынтәалоу арбагаҿ 5–6% аҿы иаанхоит.
Абизнес кредитқәеи аҳәынҭқарратә инвестициақәеи реизырҳара абзоурала, азеиҧш инвестициақәа рҭаӡара иаҳа идухоит.», — иануп аҳасабырбаҿы.
Иара убас, Еврокомиссиа аҳасабырбаҿы ишазәгаҭоу ала, аекономикатә азҳара абзоурала, аусурҭадара арбага акырӡа илаҟәит: 2023 шықәсазы иҟаз 16,4% аҟынтә 2024 шықәсазы 16,4%-нӡа. 2025 – 2026 шықәсқәа рзы аусурҭадара аҩаӡара иҵегьы илаҟәхар ҟалап. Аҳасабырба инақәыршәаны 2024 шықәсазы аусурҭала аиқәыршәара арбага азҳаит 2,5 наӡынала, аха, ари арбага уажәгьы имаҷуп — 47,1% иаҟароуп.
Заанаҵтәи адыррақәа рыла, аулафахәы акырӡа иацлеит, ари аганахьала 2024 шықәсазы 15 наӡына азҳара иҟан, уи убарҭоуп факторқәак рыла, урҭ иреиуп Урыстәылантә иааиз зквалификациа ҳараку амигрантцәа, чыдала ИТ-сектор аҿы. Азҧхьагәаҭарақәа инрықәыршәаны, анеҩстәи ашықәсқәа рзы аулафахәы азҳара аццакра маҷхоит», — иануп аҳасабырбаҿы.