Еврокомиссиа абжьагара инақәыршәаны, Украинеи Молдовеи акандидатцәа рстатус ранаршьароуп
 Еврокомиссиа абжьагара инақәыршәаны, Украинеи Молдовеи акандидатцәа рстатус ранаршьароуп

Еврокомиссиа Европатәи Ахеилак иабжьанагоит Украинеи Молдовеи акандидатцәа рстатус ранаршьарц, Қырҭтәыла иадҳәаланы ишазгәарҭаз ала, ари азҵаара иазыхынҳәеит атәыла аконкреттә аҳәарақәа анынагӡалак ашьҭахь.

Бриуссель имҩаҧгаз абрифинг аҿы минуҭқәак раҧхьа ари атәы аалыцҳаит Еврокомиссиа ахада  Урсула фон дер Лаиен.

«Акомиссиа Европатәи Ахеилак иабжьанагоит Украина европатәи аҧеиҧш аҭаны, акандидат астатус анаршьарц.

Ҳара ҳпозициа еилкаауп  — ааи,  Украина европатәи аперспектива ахәҭоуп, ааи, Украина акандидат астатус ахәҭоуп.

Молдовагьы европатәи аперспективеи акандидат астатуси анашьара рыбжьаагоит.

Қырҭтәылагьы абри аҩызаҵәҟьа апотенциал амоуп, ари атәыла азыҳәамҭа ҕәҕәа ҟанаҵеит, аха, ақәҿиара аиуразы, ари атәыла аструктуратә реформақәа русхәаҧштә ҳәаақәнаҵароуп.

Ахеилак иабжьаагоит Қырҭтәылагьы европатәи аперспектива арҭарц, акандидат астатус анашьара азҵаара ҳазыхынҳәеит ари атәыла аконкреттә аҳәарақәа анынагӡалак», —  илҳәеит  Урсула фон дер Лаиен.