Еврокомиссар Оливер Варҳеи Қырҭтәыла иазкны ҿырҳәалатәи  ажәахә цәыригеит
Еврокомиссар Оливер Варҳеи Қырҭтәыла иазкны ҿырҳәалатәи  ажәахә цәыригеит

Европатәи агәыларатә политикеи арҭбаареи азҵаарақәа рзы еврокомиссар Оливер Варҳеи Стокгольм имҩаҧгаз аиҧылара ашьҭахь Қырҭтәыла иазку ҿырҳәалатәи ажәахә ала дықәгылеит.

Варҳеи ишазгәеиҭаз ала, Қырҭтәыла инанагӡеит 3 абжьагарак: агендертә аиҟарареи аҳәса рзы амчылареи; аусӡбаратә процессқәа раан ауаҩытәыҩса изинқәа рзы Страсбургтәи аӡбарҭа ақәҵарақәа рызҧхьагәаҭара; Жәлар рыхьчаҩ иалхра апроцесс аартызаара.

Иара убас,  Варҳеи ишиҳәаз ала, даҽа 7 абжьагарак рынагӡара апроцессаҿ апрогресс иҟоуп. Иара ишиҳәаз ала, Қырҭтәыла иҵегьы ашьаҿақәа ҟанаҵароуп.

«Қырҭтәыла алҵшәа зхылҵша апарламенттә хылаҧшра еиқәнаршәароуп, иџьбароу ариторика иаҟәыҵроуп, Евроеидгыла абжьацәажәарала мшаҧы  19 рзы ирыдыркылаз аполитикатә еиқәшаҳаҭра пату ақәырҵароуп. Аҩбатәи ашьаҿа – аҳәынҭқарратә институтқәа зегьы инагӡаны русура аиқәыршәареи алхратә база аиҕьтәреи. Қырҭтәыла, Алхратә комиссиа хада ахантәаҩы иқәыргылара иазкны ирыдыркылаз аҧсахарақәа архынҳәроуп. Ахҧатәи ашьаҿа – аӡбаратә реформа наӡа, Аиустициа Иреиҳаӡоу ахеилакгьы уахь иналаҵаны.  Аҧшьбатәи апункт  иадҳәаланы иазгәасҭар сҭахуп, ари апункт анагӡаразы еиҿкаан Антикоррупциатә биуро ҿыц, абри абиуро аусура ахьыҧшымра еиқәыршәатәуп, дара Венециатәи акомиссиаҟны аконсультациақәа мҩаҧыргалароуп.   Ҳара Қырҭтәыла иабжьаагоит  Антикоррупциатә биуро  аҟынтәи  Аекономикатә усеицуреи аҿиареи азы аиҿкаара адхра  иазку аӡбара еиҭахәаҧшырц.  Афбатәи апункт   – еиҿкаау ацәгьаура,  ари аганахьала Қырҭтәыла Европол аҟны аусеицура арҕәҕәеит. Уажәы Қырҭтәыла Европатәи ахеилак абжьагарақәа нанагӡароуп. Аабатәи  – ауаа рзинқәа рыхьчареи агәыҧ ҧсыҽқәа рыхьчареи. Қырҭтәыла ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчара иазку астратегиа убас еиқәдыршәароуп, асексуалтә аиҵара аизареи агәаанагара аарҧшреи ахақәиҭра рымазаарц. Ажәабатәи апункт  – аӡбарақәа рыдкылара апроцесс аҿы атәылауаҩаратә уаажәларра алахәызаара. Қырҭтәыла  хымҧада еиҭашьақәнаргылароуп атәылауаҩратә уаажәларра рҟны адиалог, атәыла анапхгара  атәылауаҩратә уаажәларра рҟны еиҧҟьарада аконсультациақәа мҩаҧыргалароуп.

Адеолигархизациа апункт аҿы Қырҭтәыла апрогресс усҟак идуум. Аҵыхәтәантәи аҳасабырбаҿы Венециатәи акомиссиа алахәылацәа ирҳәеит абри азакәан уажәтәи асахьала адкылара ахәҭам ҳәа. Уажәааны Қырҭтәыла анапхгара аарыцҳаит ари азакәан шрыдрымкыло, сара ари аӡбара сазыразуп.  Уажәы, Қырҭтәыла, Венециатәи акомиссиа абжьагара иазҧхьагәаҭаны, асистематә хәаҧшыра аус адырулароуп. Насгьы, аҵыхәтәаны,  –  амедиаплиурализми  АИХқәа рыҧшәмацәа рышьҭацалареи.  Қырҭтәыла ари апунктаҿ ақәҿиара амам. Қырҭтәыла,  Европатәи ахеилак абжьагарақәа иазҧхьагәаҭаны,  ажурналистцәа ршәарҭадара ахьчареи ажурналистцәеи АИХқәа рыҧшәмацәеи рхақәиҭра ахьчареи амзызла, Адырраҭара иазку азакәан ариашарақәа аларгалароуп», — иҳәеит  Варҳеи.