Евроџьасҭи Германтәыла иашьашәалоу аусҳәарҭеи, Қырҭтәыла апрокуратуреи қолл-центрқәа ирыдҳәалоу ацәгьоуратә гәыԥ аиҿкааҩцәа рганахьала ашьауӷатә шьҭазаара иалагеит
Евроџьасҭи Германтәыла иашьашәалоу аусҳәарҭеи, Қырҭтәыла апрокуратуреи қолл-центрқәа ирыдҳәалоу ацәгьоуратә гәыԥ аиҿкааҩцәа рганахьала ашьауӷатә шьҭазаара иалагеит, – аарыцҳаит Қырҭтәыла апрокуратураҿ имҩаԥгаз абрифинг аҿы.
“Имҩаԥгаз аусԥшаара аан ишеилкаахаз ала, еиҿкаау агәыԥ алахәылацәа Қырҭтәыла ақолл-центр аԥырҵеит. Аколл-центр аусуҩцәа, заанаҵы ишьақәгылаз аплан инақәыршәаны, Германтәылеи егьырҭ атәылақәеи ртәылауаа рҟны аимадара шьақәыргыланы, аилахәыра ахьыҟоу аҭыҧ иазкны аинформациа ҧаршеи рыҭаны, аелектронтә платформала зыхә дуу ақьаадқәеи, акциақәеи, атауартә активқәеи, авалиутеи, акриптовалиутеи раахәара рыдаргалон. Иақәшаҳаҭхоз атәымуаа аелектронтә хәаахәҭра иазоурышьҭуаз аҧара зегьы абанктә хыҧхьаӡараҿы иҟан, ари аҧара иахылаҧшуан ацәгьауратә гәыҧ
Ари апланла, ацәгьоуцәа рҟынтә атәылауаа ироуз азарал жәамиллиардқәа рыла адоллар иаҟароуп”, – аарыцҳаит Қырҭтәыла апрокуратура аҟынтә.