Евроеидгылеи ЕАШ ацҳаражәҳәареи рхаҭарнакцәа апарламент аполитикатә гәыԥқәа ирԥылеит
Қырҭтәыла Евроеидгыла амиссиа анапхгаҩы инапынҵақәа назыгӡо Жулиен Крампси Қырҭтәыле иҟоу ЕАШ ацҳаражәҳәара аполитикатә офицарцәа Лана Оуени Еван Елиоти Қырҭтәыла апарламент аполитикатә гәыԥ “Атәылауаа” ахантәаҩы Алеқсандре Елисашвилии, апарламенттә аполитикатә гәыԥ “Лело” ахантәаҩы Давид Усуԥашвилии, “Иаку амилаҭтә ҵысра – иаку аоппозициа” афракциа ахантәаҩы Хатиа Деканоиӡеи апарламент алахәыла Михеил Даушвилии ирԥылеит.
Аиԥылараҿ Евроеидгыла 12 пункт рыла ишьақәгылоу арекомендациақәа рынагӡара азҵаара иахәаԥшит.
“Сара “Лело” апозициа рзаасырԥшит, ҳара акомитеттәи апленартәи аилатәарақәа рҿы арҭ азҵаарақәа рыхцәажәара активла ҳхы алаҳархуеит, агәаԥқәа зегьы аусуратё аиԥыларақәа рҿы рхатә гәаанагарақәа аадырԥшыроуп, уи ашьҭахь, акомитетқәа реилатәарақәа рҿы иаку ҳпозициа цәыраагоит”, – иҳәеит Давид Усуԥашвили.
“Ҳара Евроеидгыла 12 пункт рыла ишьақәгылоу арекомендациақәа рынагӡара ҳахцәажәеит, адипломатцәа ҳпозициа рызцәырызгеит”, – илҳәеит Хатиа Деканоиӡе.