Евроеидгылеи Британиеи Урыстәылантә арацәа аимпорт мап ацәыркит
Евроеидгылеи Британиеи Урыстәылантә арацәа аимпорт мап ацәыркит

Евроеидгылеи Британиеи Урыстәылантә арацәа аимпорт мап ацәыркит. Ембарго амч аиуит нанҳәа 10 рзы, ари аҿбара Украина аганахьала Урыстәыла имҩаԥнаго агрессиа иадҳәалоуп.

Урыстәылатәи арацәа аимпорт азы Евроеидгыла ембарго асанкциақәа ахәбатәи рпакет ала иазыԥхьагәаҭан, уи сынтә мшаԥы азы шьақәырӷәӷәан.

Аӡбамҭа инақәыршәаны, нанҳәа инаркны Евроеидгылах Урыстәылантә арацәеи егьырҭ хәарҭара злоу икьакьоу аҵыхтә былтәқәеи римпорт, раахәара ма риагара ҟалом.

Европатәи ембарго иахҟьаны Урыстәыла шықәсык ала аамиллиард евро ацәыӡуеит.

Иара убас, нанҳәа 15 рзы амч аиуит Евроеидгыла аплан, уи инақәыршәаны Евроеидгыла аҵакыраҿ урыстәылатәи агаз ахархәара 15% рыла маҷхоит.