Евроеидгылахь Қырҭтәыла аинтеграциа акомиссиаҿ Евроеидгылахь Қырҭтәыла аинтеграциа 2024 шықәсатәи ауснагӡатәқәа рплан шьақәдырҕәҕәеит
Евроеидгылахь Қырҭтәыла аинтеграциа 2024 шықәсатәи ауснагӡатәқәа рплан шьақәдырҕәҕәеит аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе инапхгарала имҩаҧгаз Евроеидгылахь Қырҭтәыла аинтеграциа акомиссиа 71-тәи аилатәараҿы.
Иара убас, аилатәараҿы иазыӡырҩит Евроеидгылахь Қырҭтәыла аинтеграциа 2023 шықәсатәи ауснагӡатәқәа рплан анагӡара иазку аҳасабырба.
Аилатәараҿы ирылацәажәеит зхы иақәиҭу ахәаахәҭратә қәыҧшылара наӡа апринципқәа рышьаҭала иаку аџьармыкьашҟа аинтеграциа аганахьала иҟоу аперспективақәа.
Иара убас, аилатәараҿы иалацәажәеит Европатәи ахеилак ала Қырҭтәылазы иҳәаақәҵоу 9 абжьагарак рынагӡара аплани, иаку евро ашәаратә қәыҧшылара (SEPA) ашҟа Қырҭтәыла алалара иадҳәалоу аҳәарақәеи, азинтә ганахьала Евроеидгыла азааигәахара апроцесс апланшьҭыхреи, анагӡареи, амониторинги азы имҩаҧгатәу ауснагӡатәқәеи.