Евроеидгылахь Қырҭтәыла аинтеграциа акомиссиа 68-тәи аилатәараҿы адеолигархизациа иазку ауснагӡатәқәа рплан рыдыркылеит
Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили инапхгарала, Евроеидгылахь Қырҭтәыла аинтеграциа акомиссиа 68-тәи аилатәара мҩаҧган.
Аиҳабыра радминистрациаҿы имҩаҧгаз аилатәараҿы, акомиссиа алахәылацәа, Қырҭтәыла аполитикатәи, аекономикатәи, ауаажәларратәи ҧсҭазаараҿы аинтересқәа имцхәны раарҧшра аҽацәыхьчара – адеолигархизациа иазку ауснагӡатәқәа рплан рыдыркылеит, аплан еиқәыршәоуп Венециатәиа комиссиеи Евроеидгылеи рыбжьагарақәа рышьаҭала.
Адокументаҿ иарбоуп Қырҭтәыла азакәанҧҵараҿы асистематә азнеишьала имҩаҧгоу аҧсахрақәа рпакет, уаҟа, иашьашәалоу азакәанҧҵаратә ҧсахрақәа рыдкыларазы аконкреттә аҿҳәарақәа арбоуп.
Адокумент шьақәгылоуп еиуеиҧшым 7 хырхарҭак рыла, урҭ иреиуп: антикоррупциатәи антимонополиатәи ахырхарҭақәеи, закәандарала аҧара арқьиареи, амедиаплиурализм азҵаарақәеи, иара убас, – аиашаӡбара аусхкы аҿы имҩаҧгатәу ауснагӡатәқәеи.
Адокумент анрыдыркылалак ашьҭахь, Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра иабжьаргеит европатәи апартниорцәа рҟны аконсультациақәа рымҩаҧгара нарыгӡарц.
Аиҳабыра ари адокумент анышьақәдырҕәҕәалак ашьҭахь, аусуратә процесс нагӡахоит Қырҭтәыла апарламент аҿы.