Евроеидгыла Украина арратә цхырааразы иҵегьы  €500 миллион алнахуеит
Евроеидгыла Украина арратә цхырааразы иҵегьы  €500 миллион алнахуеит

Евроеидгыла Украина арратә цхырааразы иҵегьы  €500 миллион алнахуеит. Евроеидгыла Иреиҳаӡоу ахаҭарнак Жозеп Боррель ари аҳәамҭа ҟаиҵеит Германтәыла имҩаҧысуа  G7  асаммит аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаҧгаз апресс-конференциаҿы.

Боррель ишиҳәаз ала, зыӡбахәы ҳәоу аҧарала Украина ихьанҭоу бџьар азаархәоит.

Иара убас, Боррель, G7 атәылақәа рахь ааҧхьаара ҟаиҵеит Москва иаҳа иџьбараны ақәыҕәҕәареи, аҿыц санкциақәа рышьақәыргылареи, адунеитә аренаҿы Урыстәыла аизолиациеи, Украина ацхрааразы азеиҧш фронт аҧҵареи азыҳәан.

Иацы Бриуссель ишаарыцҳаз ала, Урыстәыла иаҿагылоу асанкциақәа афбатәи апакет  уажәгьы аус адулара иаҿуп.