Евроеидгыла иалоу атәылақәа украинатәи ахҵәацәа аамҭалатәи рыхьчара аҿҳәара азацырҵеит
Евроеидгыла иалоу атәылақәа украинатәи ахҵәацәа аамҭалатәи рыхьчара аҿҳәара азацырҵеит

Евроеидгыла иалоу атәылақәа украинатәи ахҵәацәа аамҭалатәи рыхьчара аҿҳәара 2024 шықәса хәажәкыранӡа азацырҵеит.

“Евроеидгыла украинатәи ажәлар иахьынӡаҭаху ирыдгылоит. Ахьчара астатус аҿҳәара азацҵара 4 миллионҩык иреиҳаны ахҵәацәа ирызкуп, урҭ Евроеидгылаҿ ишәарҭам ахыҵәахрҭа рыԥшааит”, – иҳәеит Испаниа Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Фернандо Гранде-Марласка Гомес.

Аамҭалатәи ахьчара амеханизм амч аиуит 2022 шықәса хәажәыра 4 рзы.

Аамҭалатәи ахьчара асистема хықәкыс амоуп мчыла ихгоу ахаҿқәа Евроеидгыла аҳәаақәа ирҭагӡаны анхарҭеи, амедицинатә цхыраареи, асоциалтә цхыраареи, ахәыҷқәа аҵара алшара рыҭара.