Евроеидгыла ажәахә – Қырҭтәыла ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчара асистема ҕәҕәа иҟоуп, уи иаҵанакәеит жәларбжьаратәи астандартқәа ирышьашәалоу азакәанқәеи аполитикеи, аха, урҭ рынагӡара ирҕәҕәатәуп
Евроеидгыла ицәырнагеит 2022 шықәсазы адунеиаҿ ауаҩытәыҩса изинқәеи адемократиеи ахьчара иазку есышықәсатәи ажәахә. Ажәахә аҿы ишазгәаҭоу ала, Қырҭтәыла ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчара асистема ҕәҕәа иҟоуп, уи иаҵанакәеит жәларбжьаратәи астандартқәа ирышьашәалоу азакәанқәеи аполитикеи, аха, хырхарҭақәак рыла урҭ рынагӡара ирҕәҕәатәуп.
Ажәахә ишану ала, 2022 шықәсазы Қырҭтәыла апрогресс иҟан алхратә системеи, аҳәынҭқарратә напхгараҭара ареформақәеи, агендертә аиҟарареи, ахәыҷқәеи зылшарақәа маҷу ауааҧсыреи рзинқәа рыхьчареи аганахьала.
Евроеидгыла ажәахә аҿы ишазгәаҭоу ала, ҳаҧхьаҟа аӡбаратә системеи, акоррупциа аҿагылареи, аҳәынҭқарратә институтқәа рхьыҧшымреи аусхкқәа рҿы иҵегьы ареформақәа мҩаҧгатәуп.
Иара убас, адокумент ишану ала, 2022 шықәсазы Евроеидгыла, еиҧҟьарада Қырҭтәылаҟны аполитикатә диалог мҩаҧнагон ауаҩытәыҩса изинқәа ирыдҳәалоу азҵаарақәа рзы.
Ажәахә аҿы хшыҩзышьҭра ҷыда азуп ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчара аганахьала импыҵахалоу Аҧсни Цхинвалтәи арегиони рҿы иҟоу аҭагылазаашьа цәгьа.
Адокументаҿ ишазгәаҭоу ала, Евроеидгыла Қырҭтәыла европатәи аперспектива азханаҵеит 2022 шықәса хәажәкыразы, Қырҭтәыла Еврокомиссиантә иаиуз абжьагарақәа зегьы нанагӡар, Евроеидгыла ари атәыла акандидат астатус анашьара иазыхиоуп.