Евроеидгыла ахеилак Қырҭтәыла атәылахьчара арӷәӷәаразы 20 миллион евро иаҟароу ацхырааратә пакет шьақәнарӷәӷәеит
Евроеидгыла ахеилак, Европа аҭынчратә инструмент (EPF) аҳәаақәа ирҭагӡаны, ацхыраразы афинанстә иашьҭанеиуа апакет шьақәнарӷәӷәеит. 20 миллион евро иаҟароу ацхырааратә пакет Қырҭтәыла атәылахьчареи ашәарҭадареи рполитика (CSDP) арӷәӷәаразы иалхуп.
Европа аҭынчратә инструмент ала сынтәа раԥхьаӡа акәны Қырҭтәыла акибершәарҭадара ахырхарҭа адгылара ҟалоит. Иара убас ацхырааратә пакетла иазыԥхьагҩәатоуп арра-медицинатә, арра-аинџныртә, атранспорттә алшарақәа рырӷәӷәара, реиӷьтҩәра.
Ари Қырҭтәылазы Евроеидгыла аҟынтҩә атәылахьчареи ашәарҭадареи рырӷәӷәаразы афинанстә цхыраароуп. 2021 шықәсазы Қырҭҭәыла EPF зауз раԥхьаӡатәи тәылан.
“Украина иаҿагыланы Урыстәыла имҩаԥнаго агрессиатә аибашьра Европеи арегион аҭышәынтәалареи рзы анырра ду амоуп. Қырҭтәылаҿ аибашьа рхыргахьеит, амилаҭтә шәарҭадара аҵакы июзиаӡаны еилыркаауеит. Евроеидгыла Қырҭтәыла амилаҭтә шәарҭадара арӷәӷәара адгылоит“, – иҳәеит Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ Павел Ҳерчински.