Евроеидгыла ахеилак аполитикеи ашәарҭадареи рзы акомитет - Уажәы жәшьаҿак рынагӡара иаамҭоуп, Евроеидгылашҟа ицо амҩаҿ иарбанзаалар аԥкра аԥыхтәуп
Уажәы жәшьаҿак рынагӡара иаамҭоуп, Евроеидгылашҟа ицо амҩаҿ иарбанзаалар аԥкра аԥыхтәуп, – иануп Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ахеилак аполитикеи ашәарҭадареи рзы акомитет (PSC) аделегациа алахәылацәа иҟарҵаз аҳәамҭаҿы.
Акомитет алахәылацәа ишазгәарҭаз ала, Евроеидгыла алалара алшамҭақәа шьаҭас измоу процессуп, Қырҭтәыла ари ахықәкы анагӡаразы ихымԥадоу шьаҿақәа ҟанаҵароуп.
“2023 шықәса абҵара 8 рзы Еврокомиссиа жәшьаҿак рыла ишьақәгылоу абжьагарақәа еилыккоу арҵагашәҟәып. Ихымԥадоу ареформақәеи аԥкрақәа рыда ԥхьаҟацареи ауаажәлареи, аиҳабыреи аполитикатә мчқәеи рҽалархәрала нагӡахароуп.
Уаҳа аамҭа иҟам, уажәы жәшьаҿак рынагӡара иаамҭоуп, Евроеидгылашҟа ицо амҩаҿ иарбанзаалар аԥкра аԥыхтәуп. Акомитет аделегациа Қырҭтәыла анапхгара рзаанарԥшит аҵыхәтәантәи аԥшьгарақәак ирыдҳәаланы ирымоу агәынамӡара, урҭ иериуп “Атәым нырра алабҿабара” иазку азакәанпрокт“, – иануп Евроеидгыла ахеилак аполитикеи ашәарҭадареи рзы акомитет (PSC) аделегациа алахәылацәа иҟарҵаз аҳәамҭаҿы