Евроеидгыла ахаҭарнакра - Евроеидгылеи Қырҭтәылеи русеицура астартегиатә ҵакы аман, уи апланркреи анагӡареи аинституциатә структурақәа ауп шьаҭас измоу
Евроеидгыла афинансркра иҳаҩсз апериод аан Қырҭтәылаҟны аусеицура адетальтә ахәшьараҭара аланарҵәеит.
Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ахаҭарнакра авебдаҟьа ианылаз аинформациаҿ ишану ала, Қырҭтәылазы Евроеидгыла ацхыраара аиӷьтәразы апартниорцәа рҟны аихшьаалақәеи арекомендациақәеиаус адырулан.
Евроеидгылеи Қырҭтәылеи русеицура астартегиатә ҵакы аман, уи апланркреи анагӡареи аинституциатә структурақәа ауп шьаҭас измоу.
Аҳасабырбаҿ ишану ала, Қырҭтәылаҟны аусеицураан рхы иадырхәан аинструментқәеи, аметодқәеи афинансркра аканал ҿыцқәеи иҭбаау рспектр. Аҭыԥ аман ақәҿиарақәа.
Аха, аҳасабырбаҿ ишазгәаҭоу ала, аӡбарҭатә реформеи ауаҩытәыҩса изинқәеи рганахьала ԥхьаҟацара ҟамлеит.