Евроеидгыла ацҳаражәҳәара - Ацҳаражәҳәаҩ, Евроеидгыла иалоу атәылақәа рыцҳаражәҳәаҩцәа рыгәҭа, Саломе Зурабишвили аусуратә шьыбжьхьаҿы диыдикылеит, лус Қырҭтәыла европатәии адемократиатәи ашьҭазаарақәа рыхьчараҿ ахадаратә ҵакы амоуп
Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ацҳаражәҳәара аинформациала, Ацҳаражәҳәаҩ, Евроеидгыла иалоу атәылақәа рыцҳаражәҳәаҩцәа рыгәҭа, Саломе Зурабишвили аусуратә шьыбжьхьаҿы длыдикылеит.
«Иахьа ацҳаражәҳәаҩ, Евроеидгыла иалоу атәылақәа рыцҳаражәҳәаҩцәа рыгәҭа, Саломе Зурабишвили аусуратә шьыбжьхьаҿы длыдикылеит, лус Қырҭтәыла европатәии адемократиатәи ашьҭазаарақәа рыхьчараҿ ахадаратә ҵакы амоуп. Иауа амчыбжь азы, Бриуссель, Ахеилак еилатәараҿ Евроеидгыла иацҵаны иҟаҵатәу ашьаҿақәа ирыхәаԥшуеит», —иануп Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ацҳаражәҳәара асаит ианылаз аинформациа аҿы.