Евроеидгыла асаммит аихшьаалатә аҳәамҭа – Евроеидгыла Украинеи, Қырҭтәылеи, Молдовеи аус рыцуреи европатәи амҩаҿ аҽеиҭакра иазку рҽазышәарақәа рыдгылареи нанагӡоит
Евроеидгыла асаммит аихшьаалатә аҳәамҭа – Евроеидгыла Украинеи, Қырҭтәылеи, Молдовеи аус рыцуреи европатәи амҩаҿ аҽеиҭакра иазку рҽазышәарақәа рыдгылареи нанагӡоит

Евроеидгыла Украинеи, Қырҭтәылеи, Молдовеи аус рыцуреи европатәи амҩаҿ аҽеиҭакра иазку рҽазышәарақәа рыдгылареи нанагӡоит, – иануп Бриуссель имҩаҧгаз Евроеидгыла асаммит аихшьаалатә аҳәамҭаҿы.

Евроеидгыла ахеилак Украина иаҿагыланы Урыстәыла имҩаҧнаго агрессиа иақәыӡбоит, иара убас, ишьақәнарҕәҕәоит Евроеидгыла, шаҟаамҭа аҭаххо афинанстәи, аекономикатәи, агуманитартәи, арратәи, адипломатиатәи ганахьала Украина ишацхраауа.  Ахеилак алахәылацәа иаҵшьны иазгәарҭеит Украина арратә цхыраара аҭара шырццактәу  ари атәыла ахатә арратәи ахыхьчаратәи ҭахрақәа рынагӡара алшарц азыҳәан.

Ахеилак агәаанагарала, Украина иаҿагыло аибашьра иахылҵыз  азарал ду азы аҭак аҧхықәуп Урыстәыла.  Ахеилак алахәылацәа ишазгәарҭаз ала, урыстәылатәи активқәа Украина аиҭашьақәыргыларазы рхархәара иазку азҵаараҿы апрогресс иҟазароуп.  Ахеилак Еврокомиссиахь ааҧхьара ҟанаҵеит ари ахырхарҭала аусура дырццакырц.

Иара убас, аҳәамҭаҿы ишазгәаҭоу ала,  аибашьра анагӡаразы Урыстәыла иамоу алшара армаҷразы, хымҧада асанкциақәа ирџьбаратәуп.