Евроеидгыла аполитикеи ашәарҭадареи рзы акомитет аделегациа административтә аҳәаатә цәаҳәаҿы иҟан
Евроеидгыла аполитикеи ашәарҭадареи рзы акомитет аделегациа административтә аҳәаатә цәаҳәаҿы иҟан

 

Евроеидгыла Анаҧшцәа Рмиссиа  Аахыҵ Уаҧстәыла административтә аҳәаатә цәаҳәаҿы аҧыҧшраан Евроеидгыла аполитикеи ашәарҭадареи рзы акомитет аделегациа рыдыркылеит.  Ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла Анаҧшцәа Рмиссиа.

Дара рдыррала, Евроеидгыла анаҧшцәа Евроеидгыла атәылақәа рыцҳаражәҳәаҩцәа инарҭбаау аинформациа рырҭеит аҭыҧаҿ ашәарҭадареи агуманитартә зҵаарақәеи рганахьала аҭагылазаашьа иазкны.

Евроеидгыла аполитикеи ашәарҭадареи рзы акомитет аделегациа рҟны аиҧылара ашьҭахь Анаҧшцәа Рмиссиа анапхгаҩы ҿыц Бетина Патрисиа Бугани ишылҳәыз ала,  ари авизит даҽазнык иаанарҧшит Евроеидгыла Қырҭтәылаҿ аҭышәынтәалареи ашәарҭадареи арҕәҕәара ишазгәыку.

„Евроеидгыла Анаҧшцәа Рмиссиа  300ҩык иреиҳаны анаҧшцәа рыла еиҿкаау агәыҧ анапхгара рыҭара сара сзы ҳаҭыр дууп. Ҳара аибашьра аиҭаламгара аиқәыршәареи еиҟәшоу ажәларқәа рыбжьара агәрагара аиҭашьақәыргылара ацхраареи ҳҽазаҳкуеит“, – илҳәеит Патрисиа Бугани.