Евроеидгыла адәныҟатәи маҵзура Қырҭтәыла Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аӡбаҩцәа ралхра иадҳәаданы аҳәамҭа аланарҵәеит
Евроеидгыла адәныҟатәи маҵзура Қырҭтәыла Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аӡбаҩцәа ралхра иадҳәаданы аҳәамҭа аланарҵәеит. Аҳәамҭаҿ ишану ала, Венециатәи акомиссиа арекомендациақәа ирышьашәаланы, Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аӡбаҩцәа ралхра апроцес аиҭахәаԥшра Қырҭтәылазы амакрофинанстә цхыраара аҩбатәи атранш алхразы азыҳәароуп.
Адәныҟатәи аполитикеи ашәарҭадареи рызҵаарақәа рзы Евроеидгыла иреиҳаӡоу ахаҭарнак ипресспикер иҟаиҵаз аҳәамҭаҿ ишану ала, мшаԥы 1 азы Қырҭтәыла апарламент азакәанԥҵаратә ԥсахрақәа аднакылеит Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аӡбаҩцәа ралхра апроцесс аиҭахәаԥшра иадҳәаланы.
«Қырҭтәыла иреиҳаӡоу аӡарҭатә инстанциа, Иреиҳаӡоу аӡбарҭа зпрофессионализм ҳараку, зкомпетенциа ҳараку, зыԥсы цқьоу аӡбаҩцәа рыла ишьақәгылароуп. , Венециатәи акомиссиа арекомендациақәа ирышьашәаланы, Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аӡбаҩцәа ралхра апроцес аиҭахәаԥшра Қырҭтәылазы амакрофинанстә цхыраара аҩбатәи атранш алхразы азыҳәароуп,» – иануп Евроеидгыла иреиҳаӡоу ахаҭарнак ипресспикер иҟаиҵаз аҳәамҭа аҿы.