Евро-2024 | Қырҭтәыла аизга асас ҷыда дырҭааит  - азгәыбылҩы амопедла 4000 километр дахысны, ашьапылампыласҩцәа амилаҭтә бираҟ рзааигеит
Евро-2024 | Қырҭтәыла аизга асас ҷыда дырҭааит  - азгәыбылҩы амопедла 4000 километр дахысны, ашьапылампыласҩцәа амилаҭтә бираҟ рзааигеит

Германтәыла  Европа ачемпионатаз зҽазыҟазҵо Қырҭтәыла аизга  рашәара 15 рзы асас ҷыда дырҭааит. Азгәыбылҩы  Шадиман Харшилаӡе  12 мшы амҩа дықәын, иара мопедла  4000 киометр дахысны, ақырҭуа ашьапылампыласҩцәа амилаҭтә бираҟ рзааигеит, — ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла Ашьапылампыл азы афедерациа.

Ақырҭуа ашьапылампыласҩцәа уи даараӡа иргәаҧхеит. Қырҭтәыла аизга акаҧдан  Гурам Кашиа  Шемадин ҳамҭас ииҭеит аизга ахәмарҩцәа рнапынҵамҭақәа зну амаика.

Рашәара  18 рзы Қырҭтәыла аизга, Европа ачемпионатаҿ раҧхьатәи аматч мҩаҧнагоит. Қырҭтәылеи Ҭырқәтәылеи рматч иалагоит  қарҭтәи аамҭала асааҭ  20:00 рзы,  Дортмунд,  «BVB Аренаҿы».