Евро-2024 | Қырҭтәыла амилаҭтә еизга аматчқәа рзы абилеҭқәа рыҭиира мшаԥы 15, асааҭ 13:00 рзы иалагоит
Ашьапылампыл азы Қырҭтәыла афедерациа: Қырҭтәыла амилаҭтә еизга аматчқәа рзы абилеҭқәа рыҭиира мшаԥы 15, асааҭ 13:00 рзы иалагоит.
Абилеҭқәа UEFA апортал аҿы ирҭииуеит – https://www.uefa.com/euro2024/ticketing/. Хаҿык ҩбтлеҭк раахәара илшоит.
Апортал аҿы абилеҭқәа ԥшькатегориак раахәара ҟалоит:
актәи акатегориа – 200 евро.
аҩбатәи акатегориа – 150 евро.
ахԥатәи акатегориа – 60 евро.
аԥшьбатәи акатегориа – 30 евро.