Евро-2024 | Иахьа Қырҭтәыла аизга  агәыҧтә етапаҿ ахҧатәи аматч мҩаҧнагоит, Қырҭтәыла - Португалиа - ишиашо ицо арепортаж Актәи аканалаҿ  #1TVSPORT
Евро-2024 | Иахьа Қырҭтәыла аизга  агәыҧтә етапаҿ ахҧатәи аматч мҩаҧнагоит, Қырҭтәыла - Португалиа - ишиашо ицо арепортаж Актәи аканалаҿ  #1TVSPORT

Иахьа, рашәара  26 рзы,   «Arena AufSchalke» аҿы,  Қырҭтәыла аизга Европа ачемпионатаҿ  агәыҧтә етап ахҧатәи аматч мҩаҧнагоит. Ақырҭуа аизга атурнир афаворитцәа иреиуп,  F  агәыҧ алидер – Португалиа аизга иацлабуеит. Португалиа  плеи-офф ашҟа ииасхьеит. Аматч иалагоит қарҭтәи аамҭала асааҭ  23:00 рзы. Ишиашо ицо арепортаж жәбар шәылшоит Қырҭтәыла Актәи аканалаҿ.

Агәыҧтә етапаҿ Португалиа Чехиеи Ҭырқәтәылеи ириааит. Қырҭтәыла Ҭырқәтәылаҟны иаҵахеит, Чехиаҟны аматч  еиҭахарала инҵәеит.  Афинал  1/8 ахь аиасразы иахьа Қырҭтәыла аизга хымҧада аиааира агароуп.