Евро-2024 | Гьаргь Мамардашвилии Гьаргь Миқаутаӡеи агәыԥтә аетап асимволтә еизга иалалеит
Евро-2024 | Гьаргь Мамардашвилии Гьаргь Миқаутаӡеи агәыԥтә аетап асимволтә еизга иалалеит

Евро-2024 агәыԥҭә етап ихыркәшоуп, ашьапылампыл азы Қырҭтәыла амилаҭтә еизга Португалиа 2:0 ҳәа аҵанархан, 1/8 финал ашҟа ииасит.

Астатистикатә веб-саит whoscored.com агәыԥтә етап асимволтә еизга аԥнаҵеит, ари еизгашҟа иалалеит ақырҭуа амбахьчаҩ Гьаргь Мамардашвилии абомбардир Гьаргь Миқаутаӡеи. Евро-2024 аҿы Мамардашвили  хматчк рҿы 20 сеив ҟаиҵеит, Миқаутаӡе – хмпылк ҭаиршәит.

Қырҭтәыла аизга Европа ачемпионат агәыҧтә етап аҿы ҭырқәтәылаҟны аматч 1:3 ҳәа хыркәнашеит, Чехиаҟны 1:1 ҳәа, Португалиаҟны 2:0 ҳәа аиааира агеит, иашьҭанеиуа аиԥылара Испаниаҟны  рашәара 30, асааҭ 23:00 рзы Киольн имҩаԥысуеит.