Евро-2024 | Гьаргь Мамардашвили – Европа ачемпионатаҿ раҧхьатәи аҭоурыхтә кәатала ҳмилаҭтә аизгеи ҳтәылеи рзы зҵакы дуу аихьӡароуп
Евро-2024 | Гьаргь Мамардашвили – Европа ачемпионатаҿ раҧхьатәи аҭоурыхтә кәатала ҳмилаҭтә аизгеи ҳтәылеи рзы зҵакы дуу аихьӡароуп

Қырҭтәыла аизга Евро-2024  аҿы Чехиаҟны аматч аҿы   (1:1) раҧхьатәи акәатала аиуит. Аматч фырхаҵас дҟалеит Гьаргь Мамардашвили.

УЕФА аӡбарала,  «Валенсиа» ахәмарҩы аматч иреиҕьу ахәмарҩыс дыҧхьаӡоуп.

Мамардашвили  ари аматч иадҳәаланы асоциалтә аҳаҿ иҩит:

«Европа ачемпионатаҿ раҧхьатәи аҭоурыхтә алҵшәа. Уи ҳмилаҭтә аизгеи ҳтәылеи рзы зҵакы дуу аихьӡароуп, абри аҭоурыхтә хҭыс алахәызаара сара сзы ҳаҭыр дууп.

Астадионаҿгьы уи анҭыҵгьы ҳазгәыбылҩцәа зегьы ҭабуп ҳәа расҳәоит.  Уи алагамҭа мацароуп.  Ҳаидгыланы, зегьы ҳалшоит».

Рашәара 26 рзы Қырҭтәыла аизга Европа ачемпионат агәыҧтә етапаҿ аҵыхәтәантәи аиҧылара мҩаҧнагоит, ақырҭуа шьапылампыласҩцәа Португалиа аизга иацлабуеит.