Евро 2024 аҿы Қырҭтәыла аизга иахьа актәи аҭоурыхтә матч Ҭырқәтәылаҟны мҩаԥнагоит
Евро 2024 аҿы Қырҭтәыла аизга иахьа актәи аҭоурыхтә матч Ҭырқәтәылаҟны мҩаԥнагоит. Аиԥылара асааҭ 20:00 рзы иалагоит. Ачемпионат аҟынтә ишиашоу арепортажқәа рбара Қырҭтәыла Актәи аканали Актәи арадиои рҿы ишәылшоит.
Аиԥылара германтәылатәи Дортмунд, «Сигнал Идуна Парк» аҿы мҩаԥысуеит. Черногориаҿ аматч аан ахәра зауз Оҭар Китеишвили дыхәмаруам. Азыҟаҵаҩ Вилли Саньоль игәы шаанаго ала, что Оҭар Қырҭтәылеи Чехиеи реиԥылара аҽалархәра илшоит.