Евро-2024 | Ашьапылампыл азы Қырҭтәыла амилаҭтә еизга Австриа имҩаԥысуа атурнир азы аҽазыҟаҵара иаҿуп
Евро-2024 | Ашьапылампыл азы Қырҭтәыла амилаҭтә еизга Австриа имҩаԥысуа атурнир азы аҽазыҟаҵара иаҿуп

Ашьапылампыл азы Қырҭтәыла амилаҭтә еизга Европа ачемпионат азы аҽазыҟаҵара иаҿуп.

Лаҵара 31 рзы Вилли Саниоли Қырҭтәыла амилаҭтә еизгеи Австриа ахԥатәи азыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит. Азыҟаҵара иалахәун 14-ҩык аспортсменцәа:

Гьаргь Лориа, Гурам Кашиа, Џьими Табиӡе, Лаша Двали, Оҭар Какабаӡе, Оҭар Қитеишвили, Сандро Алҭунашвили, Габриель Сигуа, Гьаргь Ҵитаишвили, Леван Шенгелиа, Гьаргь Чакветаӡе, Зурико Давиҭашвили, Гьаргь Квилитаиа, Буду Зивзиваӡе.

Австриа имҩаԥысуа атурнир ашҟа иааԥхьоуп 26-ҩык аспортсменцәа.

Ашьапылампыл азы Қырҭтәыла амилаҭтә еизга Европа ачемпионат актәи аетап аҿы имҩаԥнаго аиԥыларақәа:

Рашәара 18 рзы, Дортмунд, 20:00 Ҭырқәтәыла — Қырҭтәыла

Рашәара 22 рзы, Гамбург, 17:00 Қырҭтәыла — Чехия

Рашәара 26 рзы, Гельзенкирхен, 23:00 | Қырҭтәыла — Португалиа.