Евро 2024 ачемпионат плеи-офф афиналбжаҿы Қырҭтәыла аизга Бырзентәыла аԥылоит
Европа 2024 шықәсатәи ачемпионат аквалификациатә етап плеи-офф афиналбжаҿы Қырҭтәыла амилаҭтә аизга Бырзентәыла аԥылоит. Афины имҩаԥгаз афиналбжаҿы, Бырзентәыла 5:0 ҳәа Қазахстан иаиааит.
Қырҭтәыла 2024 шықәсатәи Европа ачемпионат плеи-офф афиналбжахь ииасит – Қырҭтәыла аизга Зивзиваӡе идубль ала Лиуксембург 2:0 ҳәа аҵанархеит. Европа ачемпионат аҟынӡа ақырҭуа спортсменцәа шьҿак аҟаҵара ирзаанхеит. Ҳгәыԥ, Европа ачемпионат плеи-офф афинал аҿы Бырзентәыла“Паиҷаӡе аренаҿ” хәажәкыра 26 рзы иаԥылоит.