Естонии аиустициа аминистр  - Қырҭтәыла Европа хәҭас, Евроеидгыла алахәылас иҟазарц  ахәҭоуп
Естонии аиустициа аминистр  - Қырҭтәыла Европа хәҭас, Евроеидгыла алахәылас иҟазарц  ахәҭоуп

Қырҭтәылеи Естониеи риустициа аминистррақәа рыбжьара аизыҟазаашьақәа рырҭбаареи Қырҭтәыла евроинтеграциа апроцесси иалацәажәеит ҩ-тәылак риустициа аминистрцәа Дублин реиҧылараан.

Рати Брегаӡе Ирландиа даҭааит Европа Ахеилак иалоу атәылақәа рминистериал аҽалархәразы.

Аиҧылараҿы  Рати Брегаӡе Леиа  Данильсон-Иарг ҭабуп ҳәа леиҳәеит евроинтеграциа апроцесс аҿы Естониа Қырҭтәыла иазаанарҧшыз адгыларазы. Иара ишазгәеиҭаз ала, акандидат астатус аиура апроцесс аҿгьы Естониа адгылара дақәгәыҕуеит.

Аиҧылара ашьҭахь Естониа аиустициа аминистргьы аҳәамҭа ҟалҵеит.

«Қырҭтәыла евроинтеграциа апроцесс аҿы ақәҿиара дуқәа амоуп. Ари атәыла Европа хәҭас, Евроеидгыла алахәылас иҟазарц  ахәҭоуп,  хара имгакәа ус иҟалап ҳәа сгәыҕуеит,  избанзар апрогресс ду иҟоуп», — илҳәеит Естониа аиустициа аминистр.