Естониа апарламент Қырҭтәыла иҟоу аҭагылазаашьа иадҳәаланы аҳәамҭа аднакылеит. Адокумент аҿы жәларбжьаратәи ауаажаләррахь ааҧхьара ҟаҵоуп алегитимтә ахадеи, атәылауаҩратә уаажәларреи, апротест алахәылацәеи рыхьчаразы аконкреттә шьаҿақәа ҟарҵарц.
Аҳәамҭа иадгылеит апарламент 59ҩык алахәылацәа, жәҩык иақәшаҳаҭымхеит.
«Аҵыхәтәантәи жәашықәса ирылагӡаны, ақырҭуа жәлар рполиаризациеи Қырҭтәыла адемократиатә алхрақәа рҽалагалареи амзызла Урыстәылатәи афедерациа иҟанаҵо ашьаҿақәа аабоит, уи даараӡа ҳаргәамҵуеит. Жьҭаараы Қырҭтәыла имҩаҧгаз апарламенттә алхрақәа ақырҭуа жәлар ргәазыҳәара аадырҧшуам. Урыстәылантә адгылара ду змоу анапхгаратә партиа „Ақырҭуа гәахәтәы“, иҧаршеиз алхрақәа рылҵшәақәа рхы иархәаны, аҳәынҭқарратә институтқәа рхылаҧшреи, аоппозициааи атәылауаҩратә уаажәларреи рхәаҽреи нарыгӡоит», — иануп аҳәамҭаҿы.
Иара убас, адокумент ишану ала, «Естониа апарламент Қырҭтәыла апарламенти аиҳабыреи рлегитимациа азханаҵом, алегитимтә ахада лаҳасабала, Саломе Зурабишвили заҵәы дазхарҵоит, атәылаҿ аконституциатә кризис аҵыхәҧҵәара иазку лҽазышәарақәа ирыдгылоит».
Аҳәамҭаҿы иаҵшьны иазгәаҭоуп: «Естониа апарламент, апарламенттә алхрақәа реиҭамҩаҧгара иаҳәо Қырҭтәыла адемократиатә мчқәа ирыдгылоит, избанзар, уи аконституциатә кризис аҭыҧқәҵареи адемократиа аиҭашьақәыргылареи еиқәзыршәаша ашьаҿа заҵәуп. Апарламент аҭынчратә демонстрантцәа рганахьала агәымбылџьбаратә репрессиақәа ирықәыӡбоит, анапхгаратә партиахь ааҧхьара ҟанаҵоит амчылара иаҟәыҵны, аполитбаандаҩцәа зегьы иоурыжьҭырц».
Иара убас, Естониа апарламент, егьырҭ амилаҭтә парламентқәа рахь ааҧхьара ҟанаҵоит «Қырҭтәыла анапхгаратә режим имҩаҧырго амчылара иақәыӡбарц».