ЕРС Европа аполитикатә аилазаара аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥгаз атематикатә дискуссиа ихы алаирхәит
ЕРС Европа аполитикатә аилазаара аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥгаз атематикатә дискуссиа ихы алаирхәит

Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Европа аполитикатә аилазаара (ЕРС) аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥгаз атематикатә дискуссиа “Амультилаьерадизм ашәарҭадари агеостратегиатә зҵаарақәеи рҿы” ихы алаирхәит.

Атематикатә дискуссиа аишәа гьежь аформат аҿы мҩаԥган, уи Бырзентәыла аԥыза-министр Кириакос Мицотакис инапхгарала мҩаԥысит. Алидерца арегион аҿы иҟоу ааԥхьарақәеи, аимакқәеи урҭ рҭыԥқәҵара амҩақәеи рыхцәажәеит.

Аиԥылара рхы аладырхәит Адәныҟатәи аусқәеи ашәарҭадара азҵаарақәеи рзы Евроеидгыла иреиҳаӡоу  ахаҭарнак, Еврокомиссиа авице-ахада Жозеп Боррель, Шәамахьтәыла аԥыза-министр Никол Ԥашиниани, Швеицриа ахада Ален Берсе, Кипр ахада Никос Христодулидис, Литва ахада Гитанас Науседа, Лиуксембург аԥыза-министр Ксавие Бетели, уҳәа егь. алидерцәа.