Ерик Трамп - Аилахәыра Trump Tower Tbilisi иҳаракӡоу астандарт адунеи зехьынџьара иазхаҵоуп, ҳара уи Қырҭтәылагьы иалаҳарҵәоит
Trump organization апроект ҿыц Trump Tower Tbilisi иазку аофициалтә аҳәамҭа аланарҵәеит. Уаҟа ишану ала, адунеи идуӡӡоу архитектуратә еилахәыра Gensler еиқәнаршәаз апроект инақәыршәаны, Trump Tower Tbilisi 70 еихагылақәа амазаауеит, уи Қырҭтәыла зегьы реиҳа иҳараку хыбрахоит.
Аҳәамҭаҿы ишану ала, апроект иалахәызаауеит ақырҭуа еилахәырақәа Archi Group-и, Biograpi Living-и, Blox Group-и.
„Ақалақь агәҭаны идыргыло ахыбрантә ақалақь аҧшӡара зегьы убарҭахоит. Ари ахыбраҿ еиҿкаахоит ибеиу арезиденциақәеи, премиум акласс иаҵанакәа ахәаахәҭратә қәыҧшыларақәеи, адунеитә аҩаӡара змоу аресторанқәеи, анхарҭатә стиль ала иалкаау ақәыҧшыларақәеи“, – иануп аофициалтә аҳәамҭаҿы.
Америка ахада Дональд Трамп иҧа, аилахәыра анагӡаратә авице-ахада Ерик Трамп ари апроект даналацәажәоз ишиҳәаз ала, ари адевелоперт проект абзоурала, „адунеи зехьынџьара иазхаҵоу ари аилахәыра астандарт Қырҭтәылагьы аларҵәара аиуеит“.
Аофициалтә аҳәамҭаҿы аилыркаарақәа ҟарҵеит ақырҭуа иеиҭамҵуа амал аилахәырақәа рхаҭарнакцәагьы.
Аҳәамҭаҿы ишазгәаҭоу ала, аилахәыра Archi Group – аҧхьагылара змоу апартниорцәа иреиуп.
„Архи гәыҧ“ ашьаҭакҩцәа иреиу, ахылаҧшратә хеилак ахантәаҩы Илиа Ҵулаиа иҳәамҭала, апроект Trump Tower Tbilisi ақалақь агоризонт аҧсахуеит, Қырҭтәыла аглобалтә роль иаҳа арҕәҕәоит.
Иара убас, аҳәамҭаҿы ишазгәаҭоу ала, апроект архитектуреи, адизаини, аҭиреи иазку инарҭбаау аинформациа еилкаахоит иааиуа амзақәа рзы.