Ергнеҭи имҩаҧысит Аинцидентқәа рпревенциеи рықәҿыҭреи амеханизм 109-тәи аиҧылара
Ергнеҭи имҩаҧысит Аинцидентқәа рпревенциеи рықәҿыҭреи амеханизм 109-тәи аиҧылара. Аиҧылара фсааҭк инагӡон. Қырҭтәыла Ашәарҭадара амаҵзура Аинформациа-аналитикатә департамент адиректор ихаҭыҧуаҩ Иракли Анҭаӡе ишиҳәаз ала, аиҧылараҿы ахадаратә ҵакы аман закәандарала иаанкылоу атәылауаа рхақәтҭтәра азҵаара.
Иара иажәақәа рыла, азакәандаратә бордеризациа апроцессгьы иалацәажәеит.
«Аиҧылараҿы ахадаратә ҵакы аман закәандарала иаанкылоу атәылауаа рхақәтҭтәра азҵаара. Ари азҵааразы аконсультациақәа наҳагӡоит. Иара убас, азакәандаратә бордеризациа апроцессгьы ҳалацәажәеит. Қырҭтәыла ацентртә напхгара рпозициа рыҧсахуам, ауаа рхы иақәиҭны аиҭаҵра алшара рымазароуп. Ауаҧстә аган Чорчана иҟоу ақырҭуа полициа аҧыҧшырҭа аркразы аҳәара еиҭақәдыргылеит. Ҳара даҽазнык ираҳҳәеит ари аҧыҧшырҭа ауаа ршәарҭадара ахьчара ада уаҳа хықәкык шамам», — иҳәеит Иракли Анҭаӡе.