Ереван имҩаҧысуеит  Ашәамахь-ақырҭуа ахәбатәи азинтә форум
Ереван имҩаҧысуеит  Ашәамахь-ақырҭуа ахәбатәи азинтә форум

Ереван имҩаҧысуеит  Ашәамахь-ақырҭуа ахәбатәи азинтә форум. Қырҭтәыла Аиустициа аминистрра адыррала, афорум аадыртит Қырҭтәылеи Шәамахьтәылеи  аиустициа аминистрцәа.

Аусбарҭа адыррала,  афорум актәи асессиаҿы аминистрцәа азакәан аиҳаӡара арҕәҕәара амзызла имҩаҧгоу ареформақәеи ари аганахьала иҟоу ақәҿиарақәеи ирылацәажәеит.

«Аминистр Рати Брегаӡе  ихьыҧшым аӡбаратә система аиқәыршәаразы иҟаҵоу ашьаҿақәа дрылацәажәеит.  Иара убас,  аиустициа аминистрраҿы имҩаҧгаз ареформақәагьы дрыхцәажәеит.

Азинтә форум аиустициа аминистррақәеи,  аусеилыргаратә органқәеи,  адукатцәеи, егьырҭ аиуристтә азанааҭқәеи рзы аплатформа бзиоуп аусеицура арҭбаареи,  аҧышәа аиҭныҧсахлареи,  аконкреттә инициативақәа рылацәажәареи азыҳәан.

Аиустициа аминистр ихаҭыҧуаҩи аминистрра ахаҭарнакцәеи инарываргыланы,  ауснагӡатә иалахәып Қырҭтәыла аиҳабыра радминистрациеи,  Апенитенциартә маҵзура ҷыдеи,  Хазхаҭалатәи адыррақәа рыхьчара амаҵзуреи,  Амедиаторцәа рассоциациеи,  Адукатцәа рассоциациеи,  Аиуристтә цхыраара амаҵзуреи рнапхгаҩцәа.

Азинтә форум ҩымш инагӡахоит», — иануп Аиустициа аминистрра аинформациаҿы.