Ентони Блинкен - Қырҭтәыла аполитикатәи лидерцәа рахь ааԥхьара ҟаҳҵоит азакәан аиҳаӡара пату ақәырҵарц, ашьаҭатәи ахақәиҭрақәа иаԥырхаго азакәан аԥырхырц
Жәларбжьаратәи анормақәа реилагара ҳаҿагылооит, жәларбжьаратәии аҭыԥантәии наԥшцәа иҟарҵо ааԥхьара ҳадгылоит – алхрақәа ирыдҳәалоу аилагарақәа зегьы нагӡаны иҭҵаатәуп, – иануп ЕАШ аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ иҟаиҵаз аҳәамҭа аҿы.
“Қырҭтәыла иӷәӷәаоу адемократиа 2004 шықәсазы ашьапы акит, уи атәыла аӷәӷәара ауп иаанарԥшуа, иацтәи активра даҽазнык шьақәнарӷәӷәоит ақырҭуа жәлар адемократиа гәык ала ишазыҟоу. Аха, 2024 шықәазы жәларбжьаратәи анаԥшцәа иазгәарҭеит алхраԥхьатәи ҭагылазаашьа шҽеимыз, анапхгаратә партиа аҳәынҭқарратә ресурс рхы шадырхәоз.
Жәларбжьаратәии аҭыԥантәи анаԥшцәа иазгәарҭоит алхрақәа рыҽны апроцесс ҭынч, еиҿкааны шымҩаԥысыз, аха ари иахәамԥшыкәа аҭыԥ рыман аилагарақәа рацәаны.
Жәларбжьаратәи анаԥшцәа рымҳәаӡеит алҵшәа ииашан ҳәа. Жәларбжьаратәи анормақәа реилагара ҳаҿагылооит, жәларбжьаратәии аҭыԥантәии наԥшцәа иҟарҵо ааԥхьара ҳадгылоит – алхрақәа ирыдҳәалоу аилагарақәа зегьы нагӡаны иҭҵаатәуп.
Қырҭтәыла аполитикатәи лидерцәа рахь ааԥхьара ҟаҳҵоит азакәан аиҳаӡара пату ақәырҵарц, ашьаҭатәи ахақәиҭрақәа иаԥырхаго азакәан аԥырхырц, алхратә процесс аҿы иҟоу аӷрақәа дырҽеирц. Қырҭтәыла аконституциаҿ иаарԥшу европатәии евроатлантикатәи ахыкәқәа рышьаҭала, Қырҭтәыла аиҳабыра атәылауаҩратә уаажәларра рзинқәеи атәылауаа зегьы ашьаҭатәи рзинқәеи пату ықәнаҵароуп”, – иануп Блинкен иҟаиҵаз аҳәамҭа аҿы.