Ентони Блинкен – Лабҿаба иубарҭоуп Қырҭтәыла адемократиа шьҭахьҟа ишцо
Қырҭтәыла адемократиа шьҭахьҟа ацара иаҿуп, уи даараӡа ҳаргәамҵуеит, — иҳәеит Америка аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ Ентони Блинкен Франциа адәныҟатәи аусқәа рминистр Жан-Ноель Баррои иареи Париж еицымҩаҧыргаз апресс-конференциаҿы.
«Ҳара Биӡина Иванишвилии Қырҭтәыла аиҳабыреи асанкциақәа рзышьақәҳаргылеит, Америка Қырҭтәыла аиҳабыра ацхыраара рыҭара иаҟәыҵит. Ҳара Венатәи амеханизм ахархәара ҳалагеит, убри ала иаартны иааҳарҧшит ари атәыла аиҳабыра ирыдыркылаз азакәанқәа шаҧырхтәу. Америкеи, Франциеи, егьырыҭ атәылақәеи ари азҵаараҿы ишеидгыло жәбоит ҳәа сгәы иаанагоит», — иҳәеит Ентони Блинкен.