Ендриу Вебер – Урыстәыла акоррупциатә система иацәыбналаз  ахҵәацәа ашәқәа рзаартра иазку Қырҭтәыла аӡбара сақәшаҳаҭуп, дара абри аибашаьра ҿаасҭаҿы украинатәи рашьцәа рабашьра рықәшәом
Ендриу Вебер – Урыстәыла акоррупциатә система иацәыбналаз  ахҵәацәа ашәқәа рзаартра иазку Қырҭтәыла аӡбара сақәшаҳаҭуп, дара абри аибашаьра ҿаасҭаҿы украинатәи рашьцәа рабашьра рықәшәом

«Урыстәыла акоррупциатә система иацәыбналаз  ахҵәацәа ашәқәа рзаартра иазку Қырҭтәыла аӡбара сақәшаҳаҭуп», — иҳәеит Америка атәылахьчара аминистр ҧасатәи ихаҭыҧуаҩ Ендриу  Вебер, иара Қырҭтәыла абиошәарҭадара азҵаарақәа ирызку аконференциа далахәып.

«Азҵаарақәа аҭак рыҭара салагаанӡа, иаҵшьын иазгәасҭар сҭахуп Қырҭтәыла гәахәарыла сшаҭааиз. Лугар ицентр ахырхарҭала апрогресс ду шыҟоу збоит, Қырҭтәыла, абиошәарҭадара аусхкы аҿы арегионалтәи адунеитәи  лидерс иҟалеит. Убри аҟынтә, абраҟа иҟоу ақәҿиарақәа сгәы рыздууп», — иҳәеит Ендриу Вебер.

Апроблемақәа ирыдҳәалаз азҵаара аҭак аныҟаиҵоз Вебер ишиҳәаз ала, уажәазы ахадаратә ҵакы амоуп абиологиатә шәарҭара аҽацәыхьчара.

«Уажәазы ахадаратә ҵакы амоуп абиологиатә шәарҭара аҽацәыхьчара, избанзар агәылара иҟоу Украина имҩаҧысуа аибашьра афонаҿ ари ашәарҭара ареалтә ҟазшьа амоуп. Путин аиадертәи абиологиатәи бџьарла дҳақәмақаруеит», — иҳәеит Ендриу Вебер.

Владимир Путин иқәмақарразы аҭакс иҟаҵатәуи ҳәа ианиазҵаа Вебер ишиҳәаз ала, аҭак ҟаҵатәуп  Қырҭтәыла иҟанаҵо аусқәа рыла.