Еммануел Макрони Биӡина Иванишвилии ҭелла еицәажәеит – Макрон ишиҳәаз, аҭагылазаашьа аҭыҧқәҵара апроцессаҿ алагала ҟаиҵар иҭахуп
Франциа ахада иинициативала, «Ақырҭуа гәахәтәы» аҳаҭыртә хантәаҩы Биӡина Иванишвилии Еммануел Макрони ҭелла еицәажәеит. Ари атәы аанацҳаит «Ақырҭуа гәахәтәы».
«Ақырҭуа гәахәтәы» адыррақәа рыла, Макрон иаҵшьны иазгәеиҭеит Қырҭтәыла иҟоу аҭагылазаашьа дшаргәамҵуа, аҭагылазаашьа аҭыҧқәҵара апроцессаҿ алагала ҟаиҵар шиҭаху.
Биӡина Иванишвили Франциа ахада ари аинициативазы ҭабуп ҳәа иаҳәаны, азеиҧш ҽазышәарақәа ридеиа дшақәшаҳаҭу иеиҳәеит.
Иванишвилии Макрони ишеиқәшаҳаҭхаз ала, иааиуа амшқәа рзы еиҭах еиҿцәажәаны, иахьатәи реиҿцәажәара иахылҵыз алҵшәақәа ахәшьара рырҭоит.
Аиҿцәажәара сааҭк инагӡон.