Еммануель Макрони Олаф Шольци еицыҟарҵаз аҳәамҭа – Қырҭтәыла европатәи амҩа ҳәаақәҵоуп, аха аццакреи апрогресс ахырхарҭеи Қырҭтәылоуп изхьыҧшу
 Еммануель Макрони Олаф Шольци еицыҟарҵаз аҳәамҭа – Қырҭтәыла европатәи амҩа ҳәаақәҵоуп, аха аццакреи апрогресс ахырхарҭеи Қырҭтәылоуп изхьыҧшу

 

Қырҭтәыла европатәи амҩа ҳәаақәҵоуп, аха аццакреи апрогресс ахырхарҭеи Қырҭтәылоуп изхьыҧшу, — иануп Франциа ахада Еммануель Макрони Германтәыла аканцлер  Олафа Шольци еицыҟарҵаз аҳәамҭаҿы, Макрон ари аҳәамҭа алаирҵәеит асоциалтә ахаҿы.

«Ҳара, Германтәылеи Франциеи,   Қырҭтәыла аҭагылазаашьа даараӡа ҳаргәамҵуеит.

Ҳтәылақәа   Қырҭтәыла европатәи аинтеграциа иадгылон,  2023 шықәса ҧхынҷкәын азы Қырҭтәыла акандидат астатус анашьара ҳадгылеит.

Агәалсра дула иазгәаҳҭоит Қырҭтәыла аиҳабыреи анапхгаратә партиеи ари амҩа  ианыҵыр шырҭаху, дара европатәи апринципқәеи ақырҭуа жәлар рхаххареи иатәамбакәа,  аартызаареи атәым агентцәеи ирызку  азакәан рыдыркылеит.

Қырҭтәыла европатәи амҩа ҳәаақәҵоуп, аха аццакреи апрогресс ахырхарҭеи Қырҭтәылоуп изхьыҧшу», –  иануп Макрони Шольци еицыҟарҵаз аҳәамҭаҿы.