Еммануель Макрони, Олаф Шольци, Дональд Туски Қырҭтәыла анапхгара рахь ааԥхьара ҟарҵоит "аҵыхәтәантәи аамҭа́зы ирыдыркылаз азакәанқәа" аԥырхырц
Франциа ахада Еммануель Макрони, Германтәылаа канцлер Олаф Шольци, Польша аԥыза-министр Дональд Туски Қырҭтәыла иҟоу аполитикатә ҭагылазаашьа иадҳәаланы агәынамӡара аадырԥшуеит, – аанацҳаит “Роитер”.
Ваимар ихкәакь аформат иалоу атәылақәа еицыҟарҵаз аҳәамҭаҿ ишану ала, “атәылаҿ ареформациа рымҩаԥгара ашьҭахь мацара Қырҭтәыла евроеидгыла алалара иазку аиҿцәажәарақәа раартра адгылара рылшоит “.
“Қырҭтәыла уажәы амоу акурс амԥсахыр, ареформақәа рымҩаԥгара аламгар, европатәи ахәынаӡарақәа ирҿагылоу аҵыхәтәантәи аамҭазы аднакылаз азакәанқәа аԥырымхыр, Қырҭтәыла алалара иазку аиҿцәажәарақәа ралагара адгылара ҳалшом”, – иануп Франциа ахада Еммануель Макрони, Германтәылаа канцлер Олаф Шольци, Польша аԥыза-министр Дональд Туски еицыҟарҵаз аҳәамҭааҿы.