Еммануель Макрон – Абжьааҧнытә ҭагылазаашьаҿы Украина Евроеидгыла алаларазы акандидат астатус заиуамызт, ҳара аибашьра амшалоуп уи зыҟаҳҵо
Еммануель Макрон – Абжьааҧнытә ҭагылазаашьаҿы Украина Евроеидгыла алаларазы акандидат астатус заиуамызт, ҳара аибашьра амшалоуп уи зыҟаҳҵо

«Абжьааҧнытә ҭагылазаашьаҿы Украина Евроеидгыла алаларазы акандидат астатус заиуамызт, ҳара аибашьра амшалоуп уи зыҟаҳҵо», — иҳәеит Франциа ахада Еммануель Макрон ателеканал  BFMTV аинтервиу анеиҭоз.

Макрон иҳәамҭала, Украина европатәи аҭаацәара иалахәып.

«Ари амҩа хароуп, аха, агәыҕра раҳҭароуп. Уи Урыстәылазгьы ашьҭымҭа иеиҧшхоит», — иҳәеит  Макрон.

Франциа ахада иашазгәеиҭаз ала,  Молдовагьы Евроеидгыла алаларазы кандидатс иҟалар ауеит.