Еммануель Макрон - Қырҭтәыла Аконституциаҿ иаарԥшу ақырҭуа жәлар амоу европатәи ашьҭазаарақәа рыԥсахра ҟалом. Қырҭтәыла европатәи гәахәтәы арцәара ҟалом
Еммануель Макрон - Қырҭтәыла Аконституциаҿ иаарԥшу ақырҭуа жәлар амоу европатәи ашьҭазаарақәа рыԥсахра ҟалом. Қырҭтәыла европатәи гәахәтәы арцәара ҟалом

Макрон иажәақәа рыла, амҩа иргылоуп, Қырҭтәылеи Евроеидгыла иалоу 27 тәылақәа рҟны европатәи аԥеиԥш аргыларазы аусеицура анагӡара ма ари апроцесс ахырԥара алшоит.

“Европатәи амҩа алхра – исуверену шәыӡбамҭоуп, европатәи аҭаацәара алалара иазку ари аӡбамҭа ахьчара иаҿуп иахьа Қарҭи егьырҭ ақалақьқәеи рҿы. Қырҭтәыла акандидат статус анашьара ала, Европатәи ахеилак арҭ ашьҭазаарақәа ахәшьара бзиа анаҭеит. Ари алхра – аҭакԥхықәрақәеи ахыдҵақәеи иацуп. Амҩа иргылоуп, Қырҭтәылеи Евроеидгыла иалоу 27 тәылақәа рҟны европатәи аԥеиԥш аргыларазы аусеицура анагӡара ма ари апроцесс ахырԥара алшоит, аха аԥшра изышәҭахызеи? Европа адҵақәа шәнаҭом. Европа еиҟароу апартниорра, ашәҭыкакаҷра, азеиԥш хәынаарақәа пату рықәҵара шәыднагалоит. Еврпа шәақәмақаруам. Европа ахаос, аилаҩынтра аланарҵәом, Европа адестабилизациа акәӡам хықәкыс амоу”, — иҳәеит Макрон.

Франциа ахада ишазгәеиҭаз ала, евроеидгыла – аҭынчратә проектуп, ариЕвропа ашьаҭаркра амш инаркны иахьанӡа ашьаҭатәи  принципуп.

“Европа адгылароуп, аҭынчроуп, аҭаацәара алахәылацәа ирзеиԥшу астратегиатә интересқәа аколлективтә рыхьчароуп. Европа – ашантаж мҩаԥнагом. Қырҭтәыла ахатә ԥеиԥш ахала алнахроуп. Ари азы ақырҭуаа бжьы уаҳаруоп, пату ақәуҵароуп”, – иазгәеиҭеит Фанциа ахада.

Макрон иажәақәа рыла, аҭынчратә демонстрациақәа ипропорциам рыҿагылара нагӡозар, Қырҭтәыла европатәи амҩала ԥхьаҟа ацара азалшом.

“Нагӡара ақәзааит Қырҭтәылеи Франциеи ирыбжьоу аиҩызара! Нагӡара ақәзааит Европа!”, – иҳәеит Макрон.