Елон Маск – Иҷыдоу аҳәынҭқарратә усзуҩы иаҳасабала сыҿҳәара нҵәеит,  иҵакыдоу ахарџьқәа рырмаҷра алшаразы Ахада Трамп ҭабуп ҳәа иасҳәар сҭахуп
Елон Маск – Иҷыдоу аҳәынҭқарратә усзуҩы иаҳасабала сыҿҳәара нҵәеит,  иҵакыдоу ахарџьқәа рырмаҷра алшаразы Ахада Трамп ҭабуп ҳәа иасҳәар сҭахуп

Америкатәи амиллионер, ЕАШ аиҳабыра  иаҳа иеффектны аусзуразы адепартамент анапхгаҩы Елон Маск инапынҵақәа шьҭеиҵеит. Ари атәы Маск асоциалтә ҳаҿы ааицҳаит.

“Иҷыдоу аҳәынҭқарратә усзуҩы иаҳасабала сыҿҳәара нҵәеит,  иҵакыдоу ахарџьқәа рырмаҷра алшаразы Ахада Трамп ҭабуп ҳәа иасҳәар сҭахуп”, – иҩит Маск.

Агентра “Роитер” аинформациала, Аҩны шкәакәа хаҭарнакык идыррақәа рыла, Маск инапынҵақәа рышьҭаҵара иазку ақәҵара амч иахьа аиуеит.